Ацҳаражәҳәарҭахь ишааиц иааиуеит адышшыларатә шәҟәқәа

Ацҳаражәҳәарҭахь ишааиц иааиуеит адышшыларатә шәҟәқәа
12 September 2018 440
Цәыббра 12 рзы Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инадҳәаланы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿ адышшыларатә шәҟәы аҩыра аниҵеит.
Адышшыларатә шәҟәы аҿы аҩыра аанрыжьит: Урыстәыла иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәаҩ Карлос Рафаель Фариа Тортоса, Урыстәыла Ахада иҿы иҟоу ареспублика Ҟабарда-Балкариа ахаҭарнак Ратмир Бекешев, Урыстәыла Ахада иҿы иҟоу ареспублика Адыгеиа ахаҭарнак Тимур Трахов, Урыстәыла Ахада иҿы иҟоу ареспублика Адыгеиа ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Булат Миннуллин.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: