Шьукин ихьӡ зху Атеатралтә институт аҧсуа студиа аушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьахеит

Шьукин ихьӡ зху Атеатралтә институт аҧсуа студиа аушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьахеит
3 July 2018 990
Б. Шьукин ихьӡ зху Атеатралтә институт аҧсуа студиа астудентцәа рҵара хдыркәшеит. Акурсқәа хҧа роушьҭымҭацәа адипломқәа ранеишьеит аҵараиурҭа аректор, Урыстәыла Жәлар рартист Евгени Книазев. Убри аан, аректор актиор изанааҭ ахь ҿыц зшьаҿа еихызго атеатралтә студиа аушьҭымҭацәа “излыиааз аблахкыгоу атәыла иашьашәало, уи атәылауаҩра иаҧсаны аҟазаара” рзеиҕьаишьеит.

Аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба. Адипломат астудентцәа рҵара ахьдыркәшаз рыдиныҳәалеит, ақәҿиара дуқәа рзеиҕьаишьеит, иара убас аҵараиурҭа аректор, Урыстәыла жәлар рартист Евгени Книазеви, акурс анаҧхгаҩы Елена Одинцовеи, арҵаҩцәеи Аҧснытәи атеатрқәа рзы даара хра злоу аус анагӡара-актиор ҿарацәа реиҵааӡара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ахәҭакахьала, Аҧсны аҧыза-министр иабжьгаҩ Кьасоу Ҳагба Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа лҟынтәи иаашьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны ҷыдала иазгәаҭоуп:

«Атеатр ахаангьы аԥсуа уаажәларратә еилазаара рыԥсҭазаараҿы ароль ду ааннакылон. Ҳгәыӷуеит Б.Шьчукин ихьӡ зху  атеатр аинститут аушьҭымҭацәа, аҟыбаҩ злоу аҿар Аԥсны атеатрқәа дырбеиап ҳәа».


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: