Инал Арӡынба далахәын Ахырхарҭарацәара иазку аглобалтә конференциа

Инал Арӡынба далахәын Ахырхарҭарацәара иазку аглобалтә конференциа
29 April 2023 234

2023 шықәса мшаԥы 29 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба далахәын онлаинла имҩаԥысыз Ахырхарҭарацәара иазку аглобалтә конференциа онлаин-формат ала.

Аонлаин-конференциа иалахәын Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, Урыстәыла ахада иабжьгаҩ Сергеи Глазьев, "Международное евразийского Движение" ахада Александр Дугин, иара убас Китаи Адәныҟатәи аусқәа рминистр Цинь Ган, 50 тәыла рҟынтәи 100-ҩык инарзынаԥшуа аекспертцәа, аполитикцәа.
Мшыбзиақәа ҳаҭыр зқәу аконференциа алахәылацәа.

Аконференциа атема инаҵшьны иаанарԥшуеит ҳаамҭазтәи адунеи аҿы ахырхарҭарацәара атема аҵки актуалреи. Иахьатәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема атурбулент ҟазшьа амоуп. Ҳара зегьы ҳшаҳаҭцәаны ҳазыҟоуп адунеи аҽеиҭакра, иаабоит аколлективтә Мраҭашәара ахырхарҭарацәаратә ҭагылазаашьа ишаҿагыло.

Адунеи хырхарҭа заҵәык аманы, мҩа заҵәык аманы изыҟалаӡом. Аҭоурыхгьы уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь ҩ-хырхарҭатәк ҭагылазаашьа шьақәгылеит, аха Асовет еидгыла анеилаҳа ашьҭахь ари асистема аԥыххеит. Адунеи аҿы аекономикатәии аполитикатәии ԥыжәара рнапахьы иааргеит Еиду аштатқәа. Урҭ ргәаанагарала Украина, Ирак, Ливиа, Иугославиа уҳәа реиԥш иҟоу атәылақәа дара рҳәатәы иахымԥоны иҟазароуп ҳәа иршьеит. Абри аконтекст ала азхьаԥшра аҭоуп НАТО аҽырҭбаара асистемагьы. Ииашамыз, азиншьаҭа змамыз Мраҭашәара ахымҩаԥгашьақәа XX-XXI ашәышықәсақәа рзы иаԥырҵеит иҿыцу агеополитика.

Аха ЕААи хырхарҭазаҵәыки ргегемониа ООН Аԥҟаԥҵәа зықәныҟәо жәларбжьаратәи асистема рзаԥҵама? Мап.

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ҳаамҭазтәи асистема мыцхәы аҭышәынтәалара знымԥшуа акакәны иҟоуп. Ҳара зегьы иахьа иаабоит адунеи аҿы ӷәӷәала иҟоу аиҭакрақәа, азинеиҟарара апринцип ала адунеишьақәгылара аҿиара аԥырхагахара азы аколлективтә Мраҭашәара аҿазышәарақәа. Адунеи аполитикатәи аекономикатәи, уҳәа амчра зегьы ҳәынҭқаррак ампыҵакра апринцип ала шьҭа изышьақәгылаӡом. Аҭоурых уи зеӷьаҟам ала иаҳнарбоит.

Адунеизегьтәи абанк аиԥш иҟоу анапхгараҭаратә институтқәа рҟны анапхгаратә методқәа адунеитә економикеи аполитикеи рҿы аҿиара амҩа иану адунеи ароль рзаарԥшуам. Архаикатә институтқәа рыԥсахуеит БРИКС аиԥш иҟоу аидгыларақәа. Еиҳа-еиҳа ирыцлоит асеиԥш иҟоу аидгылақәа ирылахәхар зҭаху жәларбжьаратәи азин асубиектқәа. Иазгәасҭоит БРИКС аекономикатә, аполитикатә, адемографиатә лшамҭақәа Абыжьба Ду рымчрақәа ишраԥырго. Абас ала лабҿаба иаҳбарҭоуп – аҽеиҿкаара иаҿуп ацентр ҿыц.

Инаҵшьны иазгәасҭоит – иахьа еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара иацлоит аполицентризм ҳәа изышьҭоу, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы адунеитә политика аҿиара анырра ӷәӷәа азҭо еиҳа иӷәӷәоу аҳәынҭқаррақәа, мамзаргьы аблокқәа рыҟазаара азԥхьагәазҭо, аха убри аан жәларбжьаратәи азин, азинеиҟарара, ажәлар маҷқәеи амилаҭқәеи рзинқәа ҳаҭырқәҵарала рызнеиреи апринципқәа рыла ишьаҭарку адунеишьақәгылашьа иадгыло аҳәынҭқаррақәа.

Сгәанала ари аиҭакра еиԥҟьара аиуам. Ҳәарада уи иццаку процессхом, аха хымԥада иҟало ҭагылазаашьахоит.

Ҳара ҳакәзар, ҳпартниор, ҳҩыза– Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рыӡбрақәа ҳрыдгылоит Арратә операциа ҷыда амҩаԥгара аганахь ала.

Украина амчра рнапахьы иааргеит абандитцәеи анеонацистцәеи. 8 шықәса ҵуеит урҭ аурысқәа ирҿагыланы атерактқәа мҩаԥыргоижьҭеи. Исҳәар сҭахуп аоперациа ҷыда хатәгәаԥхарала ишалахәу Аԥсны ауааԥсырагьы.
Ҳара ҳтәыла арратә операциа ҷыда жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа реиҿкаара иахыҵхырҭаны иаԥхьаӡоит, уи убри аҩыза асистема шьақәнаргылоит, ажәларқәа рзинқәа, ажәлар маҷқәагьы налаҵаны, ахьыхьчахо, пату ахьрықәҵахо, урҭ рдоуҳа, ркультура, рҭоурых пату ахьақәҵахо.

Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, исҳәар сҭахуп Аԥсны ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵакыраҿы Урыстәылатәи Афедерациа аԥшьгаралеи адгыларалеи имҩаԥысуа аинтеграциатә процессқәа ишрыдгыло. Ас еиԥш азнеишьақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика Аконцепциа, иара убас 2014 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭраҿы иарбоуп.

Уи адагьы иазгәасҭоит Аԥсны шадгылоу Урыстәыла ацхыраарала уаанӡатәи Асовет Еидгыла аҵакыраҿы аинтеграциатә еидгылақәа реиҿкаара. Иазгәасҭоит урҭ апроцессқәа зых иақәиҭу аҳәынҭқаррақәа Реидгыла аиҿкаарахь икылнагар шауа.

Аԥсны иқәынхо ажәлар ахысит 1992-1993шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥышәара. Ибзианы иаадыруеит абџьар шьҭыхны зых иақәиҭу аҳәынҭқарраҿы анхареи аӷьацареи рзықәԥара закәу.

Мраҭашәаратәи атәылақәа, ЕАА убрахь иналаҵаны, ирҭахуп астатус-кво еиқәырханы адунеи зегь аҿы дара рыԥҟарақәа шьақәгыларц. Уи азы дара рхы иадырхәоит ҩ-стандартла иҟоу аполитикагьы. Иаҳҳәап ҿырԥштәны – жәларбжьаратәи аилазаара косоваа адгылара рырҭеит, убри аан аԥсуа жәлар ирызхьаԥшуам, ҳара зҭоурых зқьышықәса еиҳау аҳәынҭқарра шҳамоугьы.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иазгәасҭоит ахырхарҭарацәара жәларбжьаратәи аекономикатә система иалаҵәо ишалагаз. Уи ус шакәу аанарԥшуеит амилаҭ валиутақәа рыла аилахәаахәҭра. Аиҳаракгьы аҿиара амҩа иану атәылақәа рвалиутақәа рыла. Ари иунарбоит изҭахым шыҟоугьы адунеи аҽшаԥсахуа, арҭ апроцессқәа ушьҭарнахыс раанкылара шзалымшо.

Ҳаҭыр зқәу аконференциа алахәылацәа, агәра згоит асеиԥш иҟоу аиҿцәажәаарқәа шхымԥадатәиу. Ишәзеиӷьасшьоит алҵшәа змоу аусура.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: