Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа асасцәа идикылеит

Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа асасцәа идикылеит
6 October 2022 220

Аԥсны ААР аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла аԥшааратә отриадқәа Рхеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара.

Аиԥылара далахәын Алада Новгород иҟоу Аԥсны Аҳаҭыртә консул Владимир Литвинчук.
Аиԥылара иазҵаара хаданы иҟан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны аҵакыраҿы иҭахаз асовет еибашьцәа ргәалашәара анаӡаӡатәразы аиҿкаара аусура.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Россотрудничество рақәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоуп хара имгакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны аҵакыраҿы иҭахаз асовет еибашьцәа ргәалашәара анаӡаӡатәразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Уаанӡа Аԥсны ахаҭарнакцәеи Ахеилак ахаҭарнакцәеи еицымҩаԥыргахьан аԥшаарақәа Московатәи аобласт аиланхарҭа Дубасеково аҿы.

Урыстәыла аԥшааратә отриадқәа Рхеидкыла иахықәкуп Аибашьра Ду иалаӡыз зегьы рыԥсыбаҩқәа анышә ҳаҭырла раҭара, хабарда ибжьаӡыз рыхьӡқәа реиҭашьақәыргылара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: