Аԥсны Ахаҭарнакраҿы адышшыларатә шәҟәы ажәа ҟәандақәа анырҵоит

Аԥсны Ахаҭарнакраҿы адышшыларатә шәҟәы ажәа ҟәандақәа анырҵоит
11 September 2018 635
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 руха. Аԥсыжра ҟалоит цәыббра 12 рзы. Аԥыза-министр иҭахара инамаданы адышшыларатә шәҟәқәа хдыртит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Арахь иааиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа ргәалсра рыцеиҩыршарц.

Адышшыларатә шәҟәы аҟны аҩымҭа аанижьит  Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апарламентбжьаратә департамент аиҳабы Семен Григорьев, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥшьбатәи адепартамент аиҳабы Алексеи Павловски, ихаҭыԥуаҩ Михаил Шургалин.

Адипломатцәа адышшыларатә шәҟәаҿы аҩыра аанрыжьит:

«Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инадҳәаланы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Аԥсны ажәлар ҳшәыдашшылоит. Урыстәыла дыргәалашәалоит геннади Леонид-иԥа ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырҿиара адгылара ду азҭоз уаҩԥсны» ҳәа иҩуеит А.Павловски.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахеилак алахәыла Арсен Каноковгьы адышшыларатә шәҟәаҿы аҩыра ҟаиҵеит.

Иара убасгьы арахь иааиит Урыстәыла иҟоу Џьубути ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Харби Муса, Урыстәыла Ахада иҿы иҟоу ареспублика Ҟрым ахаҭарнак Георги Мурадов, Урыстәыла Ахада иҿы иҟоу ареспублика Даӷьысҭан ахаҭарнак Гамзат Гамзатов, Урыстәыла Ахада иҿы иҟоу ареспублика Ҟарачы-Черқьесск ахаҭарнак Сергеи Штоль, Урыстәыла Ахада иҿы иҟоу ареспублика Аҩадатәи Уаԥстәыла-Аланиа ахаҭарнак Борис Джанаев.  Урыстәыла иҟоу ареспублика Никарагуа ахаҭарнак  Альба Торрес, аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ  Знаур Гассиев, Тарас Шамба, Беслан Кобахьиа, Дмитри Микульски, Иури Агирбов. Ацҳаражәҳәарҭахь ишааиц иааиуеит адышшыларатә шәҟәқәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: