Заур Ӷәаџьаа адипломатиатә миссиақәа рхадацәа реилатәара далахәын

Заур Ӷәаџьаа адипломатиатә миссиақәа рхадацәа реилатәара далахәын
24 October 2017 1633
2017 шықәса жьҭаара 23 рзы Боливариантәи ареспублика Венесуелаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Паптәи анунциа Альдо Джиордано (Aldo Giordano) иҟаиҵаз анаԥхьарала, далахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа реиҿцәажәара. Аиҿцәажәара мҩаԥысуан Ватикан Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Аиԥылараан ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа: адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рзы авалиута аԥсахразы абанк аиҿкаара; имҩаԥган Ҭырқәтәыла, Доминикантәи ареспублика, Иамаика, Китаитәи Жәлар рреспублика рыцҳаражәҳәаҩцәа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәра ацеремониа.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы иара алахәылацәа рфотосахьақәа еицҭырхит.

Аиԥылара иалахәын: Боливариантәи ареспублика Венесуела иҟоу Ватикан анунци, Боливариантәи Ареспублика Венесуела аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа, апресса ахаҭарнакцәа, асасцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: