Заур Ӷәаџьаа Амилаҭтә Ассамблеиа аилатәара ихы алаирхәит

Заур Ӷәаџьаа Амилаҭтә Ассамблеиа аилатәара ихы алаирхәит
17 January 2023 207

Ажьырныҳәамза 12 рзы Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Амилаҭтә Ассамблеиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа Атәыла Ахада Николас Мадуро Морос есышықәатәи аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит адепутатцәа, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, агубернаторцәа, Венесуела иҟоу адипломатиатә корпус аусзуҩцәа.

Николас Мадуро иҟаиҵаз ажәахә аҿы аӡәгьы Венесуела аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара азин имам, насгьы Венесуела иалнахуа аполитикатә курс азы аӡбамҭа здызкыло ажәлар роуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Николас Мадуро 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусура ахырхарҭа хадақәа фба аликааит: аекономикатә ҿиара, асоциалтә хьчара, ажәлар рымчра аҳәаақәа рырҭбаара, атәыла акомплекстә шәарҭадара арӷәӷәара, Аԥсадгьыл ахьыԥшымреи адеколонизациеи ашьақәгылашьа арӷәӷәареи.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: