Ажәабжь ҿыцқәа

2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа.
Жәабран 14 рзы, усутә ныҟәарыла Москваҟа амҩа дықәлеит Инал Арӡынба.
10 February 2024 53 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
5 February 2024 99
2024 шықәса жәабран 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Арруе инаԥхьарала даҭааит ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа Боливариантәи Ареволюциа 25 шықәса ахыҵра амш азы.
Шьамтәыла иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Аль-Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
5 February 2024 54
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад 70 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа занашьоу Игор Ахба 75-шықәса ихыҵра идырныҳәалеит.
2 February 2024 53
Жәабран 2, 2024 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 2024 шықәса жәабран 2 азы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев дидикылеит. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ргәаанагарақәа еимырдеит аинтерес ззеицрымо азҵаарақәа рганахь ала, ҷыдала Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәра аганахь ала. Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә ҟазшьа аманы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи W20 аҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак, БРИКС аексперттә напхгаҩы Викториа Пановеи жәабран 2, 2024 шықәсазы онлаин-еиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылара далахәын Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахада Ҭарашь Ҳагба.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: