Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра ахҳәаа
3 May 2023 215

Жәларбжьаратәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ООН амаҵзурақәеи рыпроектқәеи рыпрограммақәеи рынагӡашьа ахылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра Аԥсны иҟоу ООН аҿиара апрограмма (ПРООН) аофис ахь ахада иԥыларазы азыҳәа ҟанаҵеит. Азыҳәа аҭакс аминистррахь ашәҟәы аашьҭын «аполитикатә ҩаӡарала аиԥылара акәымкәа иахәҭоу аинформациа аиуразы альтернативтә формақәа ԥшаазарц».

Жәларбжьаратәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рганахь ала асеиԥш ахымҩаԥгашьа дара русура ацқьараз азҵаара цәырнагоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Идҵа (04.05.2019ш., №108), Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Идҵа (06.11.2006ш., №УП-149) рыла ишьақәырӷәӷәо аамҭалатәи Аԥҟара инақәыршәаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа русхк аҟны еиҿызкаауа усбарҭоуп, Аԥсны аус зуа Жәларбжьаратәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ООН амаҵзурақәеи рыпроектқәа рзы иахәҭоу аинформациа аиура алшоит.

Жәларбжьаратәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ООН амаҵзурақәеи идҳардыруеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра Аԥсны аус зуа Жәларбжьаратәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ООН амаҵзурақәеи рыпроектқәа раанкылара азин шамоу, урҭ реилыккареи рыҳасабырбеи иныҭкааны еиҿкаамзар.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: