Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: Қырҭтәыла ООН аҿы ареспубликазы аԥаршеи информациа рыладырҵәоит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: Қырҭтәыла ООН аҿы ареспубликазы аԥаршеи информациа рыладырҵәоит
25 September 2018 1386
Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш диԥылеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан Женеватәи аиҿцәажәарақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш, арегион аҿы аҭагылазаашьа.

Иумҳәар ауам аԥснытәи аган изныкымкәа ааԥхьара шыҟанаҵахьоу аганқәа зегьы жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа аинформациа рыҭараан еиҟароу алшарақәа роурц. Аҭагылазаашьа ганкахьтәи ацхыраара аиуеит, иобиективтәым аҟазшьагьы амоуп.

Ақырҭуа официалтә хаҿқәа Қырҭтәыла ООН атәыла-лахәыла астатус рхы иархәо жәларбжьаратәи  аилазаарақәа ирыладырҵәоит ииашам аинформациа ҳәа. Уи ала жәларбжьаратәи аилазаара инегативны ареспублика рызцәырыргоит.

Убри аан Қырҭтәыла адунеи ауаажәларра агәра ддыргар рҭахуп дара рхаҭақәа аҭынчра ишазықәԥаҩцәо. Раԥшьгара "Шаг к лучшему будущему", ахьыӡҵаны агәреибагара рҭахушәа рхы аадырԥшуеит.
Иазгәаҭатәуп аԥсуа дипломатцәа амшхәаԥштә азҵаара иактуалтәу азҵаарақәа адунеитә уаажәларра рҟынӡа анагараз алшарақәа шрымам.

Ииасхьоу ашықәсқәа рзы ишьақәгылеит инегативу апрактика: адунеи ауааԥсыра ироуа аинформациа ԥаршеины ироуа. Уи инамаданы даргьы ииашоу аҵаҵӷәы рыҭаны аӡбрақәа рызрыдкылом.

Аԥснытәи аган азхьаԥшра анаҭоит ганкахьала ақырҭуа ган жәларбжьаратәи аплошьчадкақәа ахы иахьанархәо  Женеватәи аиҿцәажәарақәа ааха рнаҭоит ҳәа.

Убри инадҳәаланы аԥсуа ган аҽазныкгьы жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа рахь аҳәара ҟанаҵоит ареспублика аӡбахә иахьалацәажәо жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы Аԥсни Қырҭтәылеи  еиҟароу алшарақәа рыҭахарц.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: