Аслан Бжьаниа Ҟазахсҭан иҟоу ахҭысқәа ахҳәаа риҭеит

Аслан Бжьаниа Ҟазахсҭан иҟоу ахҭысқәа ахҳәаа риҭеит
8 January 2022 753

Аҵыхәтәантәи амшқәа Ареспублика Ҟазахсҭан имҩаԥысуаз ахҭысқәа даара ҳгәы арҭынчуам. Иаартны ажәылара, аимҵәарахь ииасыз аҿагыларатә акциақәа Ареспублика Ҟазахстан атәылауаа рыԥсҭазаара аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭоит.

Аконституциатә шьақәгылашьа, ашәарҭадара, аҳәынҭқарра акзаара аҵшәааразы иҟоу аҽазышәара адәныҟантә иаауа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рыҽрылагалара атәы рҳәоит.

Изакәаным акциақәа ирылагалоуп иазыҟаҵоу, адәахьала еиҿкаау абџьарла еибыҭоу агәыԥқәа. Абри атәы иҳәеит Ареспублика Ҟазахсҭан ахада К.-Ж.К.Токаев .

Аҳәынҭқарра ахада инапынҵала Ареспублика Казахсҭан азинхьчаратә усбарҭақәа ҭынч инхо ауааԥсыра ршәарҭадара ахылаԥшреи аҵак ду змоу аинформациатә инфраструктура аобиектқәа рыхьчареи ирызку аконтртеррористтә аоперациа мҩаԥыргоит.

2022 шықәса ажьырныҳәамза 6 рзы Ҟазахсҭан ахада иҟаиҵаз ааԥхьарала Аколлективтә шәарҭадара Ахеилак азыӡба аднакылеит Еидҵоу абжьаҟазаратә мчқәа иԥку аамҭак аҩныҵҟа атәылаҟны аҭышәынтәалара хықәкыс иҟаҵаны Ареспублика Казахсҭан ашҟа адәықәҵаразы.

Ҳара Ареспублика Ҟазахсҭан изакәану анапхгара азинтә леишәа ашьақәыргылареи атәыла ауааԥсыра ршәарҭадара алыршареи рзы имҩаԥнаго аусқәа ҳрыдгылоит. Ҟалашьа амаӡам ҳәа иҳаԥхьаӡоит изакәанымкәа ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа аҩныҵҟатәи русқәа рыҽрылагалара, аҳәынҭқарра анҭыҵынтә напхгара зуа агәыԥқәа рыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аилагареи, уи инашьҭарххны амчхара анапаҿы аагареи хықәыс иаҭаны.

Ҟазахсҭан ажәлар ирзеиӷьаҳшьоит аҳәынҭқарра ахьынӡанаӡааӡо зехьынџьара хара имгакәа азакәанра аиҭашьақәыргылара, иара убас аҭынчра, аизҳазыӷьара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: