Инал Арӡынба ахҳәаа ҟаиҵеит

Инал Арӡынба ахҳәаа ҟаиҵеит
7 February 2023 272

«Аҳәынҭқарра ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапынҵала аԥхьагыла ҿарацәа адгылара рыҭара аусхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицура ҳарҿиоит, иҳарӷәӷәоит ҳҿар Урыстәыла иналукааша арҵаратә программақәа рахь рнеираз алшарақәа.

Сынтәа ҷыдала азхьаԥшра аҳҭоит аинформациатә технологиақәеи анџьныртә занааҭқәеи рхырхарҭа, беларуссиатәи аҵараиурҭақәеи ҳареи аинырра ҳабжьоуп. Ишдыру аиԥш Беларуссиа IT аусхк аҟны аинтеллектуалтә капитал ду амоуп.

Ари ахырхарҭаҿ уажәы абиуџьет ҭыԥқәа рҿы аҭахрақәа еиҳа еиҳахеит. Аҳәаанырцәтәи аҵараиурҭаҿы абиуџьет ҭыԥ аиура ари ҭакԥхықәроуп аҳәынҭқарреиԥш ҳастудентцәа рҵара ахә ахызшәаауа ашәахтәшәаҩцәа рҿаԥхьагьы. Азин ҳамам уала-ҭахыла, еиуаратә ҟазшьала аус азнеира. Аҳәынҭқарратә хәыцра хымԥадатәны иҟоуп».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: