Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Кавказ ахҭысқәа рзы ЕСПЧ аӡбамҭа ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Кавказ ахҭысқәа рзы ЕСПЧ аӡбамҭа ахҳәаа
26 January 2021 878

ЕСПЧ Апалата Ду, ажьырныҳәа 21 азы иакьыԥхьит Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәса рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рзы аҳәынҭқаррабжьаратә зашшра «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагылот(II)» аганахь ала ақәҵара.

Страсбург алкаа ҟарҵеит ақырҭуа ар аҭынчреиҿкааратә кантингенти аҭынч уааԥсыреи рықәлараан аурыс аррамаҵзурауаа урҭ иахьырҿагылаз азы аҭакԥхықәра рықәҵара иашам ҳәа. Абас ала Урыстәыла аганахь ала Қырҭтәыла иҟанаҵо ахарадҵа ҵаҵӷәы амам ҳәа азгәаҭан.

Ақырҭуа ган иалымшеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы Европатәи аконвенциа аҭынчраамҭаз аиԥш аибашьраамҭазгьы ахархәара шамоугьы. 2008 шықәса нанҳәамза 8-12 рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы урыстәылатәи аррамаҵзурауаа рхымҩаԥгашьа азинтә хәшьара европатәи аӡбарҭақәа риурисдикциа анҭыҵ иҟоуп ҳәа шьақәырӷәӷәан. Уи адагьы ЕСПЧ иазышьақәмыргылеит иарбанызаалак хҭыск 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәа раан Урыстәыла арратә мчрақәа аҭынч уааԥсыра рганахь ала зинк еиларгеит ҳәа.

Қырҭтәыла акыршықәса иҟанаҵоз аныррала ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аӡбамҭа аҽазныкгьы иаанарԥшит Қырҭтәыла иамоу аконфронтациатә ҟазшьа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи адунеижәларбжьаратә ҭахкаара рзура аҭахра иара убасгьы наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵара зныԥшуа адиалог амҩаԥгаразы аполитикатә ҭахра шамам. Ус шакәугьы Қырҭтәыла акгьы ҟамлазшәа, «аҭоурыхтә иааира ргазшәа», аӡбарҭа алкаақәагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи раоккупациа рхызхуа акәушәа рҳәоит.

Иара абасҵәҟьоуп ЕСПЧ алкаақәа ахәшьара шрылҭо Аахыҵ Кавказ азы Европарламент аделегациа ахада Марина Калиуранд. Лара иалалырҵәеит ааԥхьара «Урыстәыла жәларбжьаратә хыдҵақәа нагӡо Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакыроуп» ҳәа.

Аҟәа агәаанагарала Калиуранд лҳәамҭа кониунктуратәуп, иҟоу аҭагылазаашьа иацәыхароуп.

Европатәи аӡбарҭа алацәажәаратә процедуреи аӡбамҭа адкылареи ирызхьаԥшуа иазгәаҭатәуп ари аус ишалацәажәаз нанҳәамзатәи ахҭысқәа ирыҵаркуаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа алахәымкәа. Аԥсны ААР агәаанагарала ЕСПЧ аӡбамҭагьы инықәырыҩрны ирыдкылоуп.

Ҳәара аҭахума асеиԥш иҟоу «аӡбарҭатә вердиктқәа» рыҟаҵара апрактика агәыҩбара узцәырнагоит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аӡбамҭа аиашаразы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: