Аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларази акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла рашәара 21 азы. Уи хықәкыс иамоуп ари азҵаараҿы иаку амилаҭтә знеишьа ашьақәыргылара. Апроцесс иалархәхоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аграждантә уаажәларреи.
"Қырҭтәыла аԥыза-министр иаԥшьгарала иаԥҵоуп адеоккупациази аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларазы акомиссиа. Аҳәынҭқарратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵахоит ашықәс нҵәаанӡа ауаажәларра алархәны аинклиузивтәи акомплекстәи стратегиа аус адызуыло аусутә гәыԥ. Акомиссиа напхгара анаҭоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра» ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Ашықәс нҵәаанӡа имҩаԥгахоит аиԥыларақәа, адиалогқәа, адискуссиақәа, аконсультациақәа. Иара убри аамҭазы Қырҭтәыла астратегиатә партниорцәа аус рыцулахоит жәларбжьаратә еилазаарак ари апроцесс ралахәхара аҳасаб ала.
Убри аан ари аԥшьгамҭа храк алам, Аԥсны уи гәацԥыҳәарак цәырнагом. Акомиссиа ззырхаҵәҟьо Қырҭтәыла «аоккупациа зызуу аҵакырақәа» рыпроблема «аӡбра» шагәҭаку аарԥшроуп. Аха иара еиԥшу уаанӡатәи апроектқәа ирмоуз алҵшәа Қарҭ иеилдыркаар акәын арҭ рҩызцәа ашьаҿақәа шхыдоу, аиҳарак изеиԥшу автономтә регионқәа руааԥсыра рзы агуманитартә проектқәа шракәу.
Қырҭтәыла аԥыза-министр иаԥшьгарала иаԥҵоу «ампыҵахалара аԥыхрази» аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларазы акомиссиа аамҭа иақәшәо иҟам, баша усны иҟоуп, Аԥсуа ҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәшәом.
Ари аҩыза аԥшьгамҭа аамҭакьаҿлатә пропогандатә усуп, иара уигьы Қырҭтәыла аҩныҵҟа. Уи инеиҳаны ари акомиссиаҟынтәи храк зыҟалом.
Қырҭтәыла хра змам апозициа иахҟьаны лыҵшәа дук аазмырԥшуа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы еиҳа иҵоуроу аҽазышәарақәа мҩаԥгалазар акыр еиӷьын.
Женева апрогресс аҟалара ауп Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара еиҟароу аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа шьақәзыргылар ауа.
Қырҭтәыла иаԥнаҵаз аиҳабыратә комиссиа ахҳәаа арҭеит Аԥсны ААР аҿы

21 June 2021 417