Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
16 November 2020 621

Вена имҩаԥысыз ОБСЕ Иааиԥмырҟьаӡакәатәи ахеилак аилатәара ҟалеит ари авторитартә жәларбжьаратә еиҿкаара аҭоурых зегьы аҿы еиҳа аполитикатәра злаз акәны. ОБСЕ ахаҭарнакцәақәак «Қырҭтәыла аҭагылазаашьеи» «аоккупациа зызуу арегионқәеи» ирылацәажәо ишыҟарҵалац аиԥш Аԥсны аҳәынҵәа агәыдҵо Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәагьы акы иаԥсам ҳәа ахырҳәааит. Аилатәараҿы «иҽаликааит» Британиа Ду ахаҭарнак. Иара еснагь еиԥш Аԥсны ахара адҵо Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы рҭагылазаашьа акыр иреицакны иааирԥшит.

Убри инадҳәаланы азхьаԥшра ҷыда аҭахуп ОБСЕ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа иҟарҵо иҵоурам аҽазышәарақәа. Убри аан дара, 2008 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла ашьҭахь изжәылараны иҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра шакәу рдырырцгьы рҭахӡам. Ирҭахым иара убасгьы ирдырырц Аԥсны Аҳәынҭқарра аимак иаганкны ишықәгыло, иҟоу аиҿагыларақәагьы зцырыӡбаша иара шакәу.

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы ашәарҭадара маҷ-маҷ аиҿкаара ацынхәрас арҭ аҳәынҭқаррақәа рҽазыршәоит Урыстәыла аимак иаганны ақәыргылара, «ахымца аанкылара» адырҵоит, «Қырҭтәыла ар алнагароуп» ҳәагьы иршьоит.

Зегьы еицырдыруеит Урыстәыла, 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Франциеи Урыстәылеи рхадацәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ахәбатәи апункт анагӡара аҽазышәо иара 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла ар шалнагаз. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакырахь ар наган арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Уи адунеижәларбжьаратә нормақәеи апринципқәеи ирыцәхьаҵуамызт.

Иҟоу шыҟоу акәымкәа иларҳәы-ҩарҳәны аҟаҵара Женеватәи жәларбжьаратәи афорум аусура алҵшәақәа еиԥырҟьоит, аганқәа ззыԥшу алҵшәақәагьы алдыршом.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи рлахәылацәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит амшхәаԥштә азҵаара хада –Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиҿкаара Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩрала аиҿкаара алдыршарц.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: