Аԥсны ААР «аоккупациа ахыхраз» Қырҭтәыла арезолиуциа апроект ахҳәаа анаҭеит

Аԥсны ААР «аоккупациа ахыхраз» Қырҭтәыла арезолиуциа апроект ахҳәаа анаҭеит
2 August 2021 764

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра «аоккупациа ахыхрази» аурыс-қырҭуа еимак ҭынчмҩала аҭышәныртәаларази арезолиуциа «аԥсҭазаара иаҟәыгоу, аԥсуа-қырҭуа еиҿагылара амзыз еиҭазкуа» акоуп ҳәа азгәанаҭеит.

Аоккупациа ахыхрази аурыс-қырҭуа еимак ҭынчмҩала аҭышәныртәаларази арезолиуциа, уаанӡа, нанҳәа 2 азы иалацәажәеит Қырҭтәыла Апарламент азинтә зҵаарақәа реилак аҿы.

Адокумент аҿы иақәыӡбоит «Қырҭтәыла араионқәа – Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рганахь ала Урыстәыла имҩаԥнаго аоккупациеи арҭ аҵакырақәа рымпыҵахаларазы Урыстәыла ашьаҿақәеи». Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз арезолиуциа апроект аҿы Қырҭтәыла иаднакылаз адокумент аҿы Урыстәылатәи Афедерациахь ааԥхьара ҟанаҵоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи «аоккупациа рхыхраз», иазхаҵо ахьыԥшымра мап ацәнакырц иара убасгьы аетникатә ҟазшьала ауаа еилырымхларц, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аконструктивтә ҟазшьала ахы мҩаԥнагаларц .

"Иазгәаҭатәуп Қырҭтәыла амчрақәа рыҽшахыршәо аԥсуа-қырҭуа еимак аурыс-қырҭуа еимак акәушәа ауаа дырбара, аха уи изаҟаразаалак ҵаҵӷәык шамам. Иззыҟарҵогьы аҭакԥхықәра рҽацәхьакны ахара ирыду мап ацәыркырц ауп» ҳәа аҳәоит ареспублика адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәааҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирлахәылоу жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит 1992–1993 шықәсқәеи 2008 шықәсеи рзы Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа цәгьоуроуп ҳәа иршьарц, Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иацхраарц.

Аусбарҭа иара убасгьы ааԥхьара ауеит Аҟәеи Қарҭи рыбжьара еиҟароу аҳәынҭқаррабжьаратә диалог ашьақәыргылара иацхраарц Аахыҵ Кавказ акраамҭатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыҟазаара хықәкыс иҟаҵаны.

Аԥсуа дипломатцәа иазгәарҭоит ақырҭуа ган Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполитикатә ҭахра аарԥшны рконструктивтә позициа иқәныҟәар шрыхәҭоу. Избанзар аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа зегьы ззыԥшу Қырҭтәыла аконструктивтә хымҩаԥгашьа ауп.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: