Алхрақәа инарымаданы Адәныҟатәи аусқәа рыхҳәаа

Алхрақәа инарымаданы Адәныҟатәи аусқәа рыхҳәаа
23 March 2020 829

2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа. жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа иҟарҵаз ахәшьарала алхрақәа мҩаԥысит аиҿкаара ҳарак рыман, амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны, алхыҩцәа рзинқәа еилагарак рымамкәа.

Абжьыҭарақәа рылҵшәақәа рыла атәыла ахадас далхуп А.Г. Бжьаниа. Ари алыршахеит аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡоу адемократиатә процедурақәа ирылҵшәаны.

Имҩаԥысыз алхрақәа Аԥсны ажәлар иҟоу апроблемақәа рҭышәныртәалара иазеиӷьны ирыԥхьаӡаз лкаауп. 

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтәылақәак Аԥсны ажәлар рсуверентә зин, рылкаа аҳаҭыр ақәҵара мап ахьацәыркуа иаобиективым ҭагылазаашьоуп ҳәа иаԥхьаӡоит. Ари иаанаго иҟоу ареалиақәа разхамҵароуп, Аԥсны аҩныҵҟатә усқәа ахрылагалара аҽазышәароуп.

Агәра аагоит иахьатәи, имариам аамҭақәа рзы ажәлар реидкылара, Аԥсны адәныҟаполитикатә позициақәа рырӷәӷәара аҵак ду аманы ишыҟоу, Аԥсны жәларбжьаратәи ауаажәларратә еилазаара рацәажәара ишазыхиоу.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: