Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Agile Spirit 2019 амҩаԥгараз ахҳәаа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Agile Spirit 2019 амҩаԥгараз ахҳәаа
30 July 2019 838
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраагәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуа милаҭрацәалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2019. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 27 рзы, ихыркәшахоит нанҳәа  9 рзы.

Аҽазыҟаҵарақәа  агәыларатә тәылақәа ршәарҭадара анырра арҭоит, аҭагылазаашьа еиҵарҟьоит.  Аҽазныкгьы Қырҭтәылеи иара адгылаҩцәеи иаартны иқәгылоит амилитаризациа арҭбааразы. Уи арегион аҿы аҭынчра иахәо иҟам.
Асеиԥш иҟоу аполитика Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара иаԥырхагоуп, Аахыҵ Кавказ иахьаҵанакуа  зехьынџьарагьы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара еиԥнаҟьоит.

Қырҭтәыла адгылаҩцәа ирдыруазароуп рхымҩаԥгашьа шыгхо, аҽазыҟаҵарақәа  рыхҟьа-ԥҟьақәагьы узыцәшәаша шракәу.

Аԥсны Аҳәынҭқарра иагәҭакуп изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан абри азҵаара алацәажәарахь акылгара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: