С. Зурабишвили Қырҭтәыла Апарламент аҟны лықәгылара ахҳәаа

С. Зурабишвили Қырҭтәыла Апарламент аҟны лықәгылара ахҳәаа
12 December 2020 751

Ԥхынҷкәын 11 рзы Қырҭтәыла Апарламент аҿы Қырҭтәыла ахада С. Зурабишвили «аоккупациа зызуу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи арегионқәа рҿы инхо аԥсуеи ауаԥси уааԥсыра» рзааигәахара алыршаразы азнеишьа ҿыцқәа ԥшаатәуп ҳәа ааԥхьара ҟалҵеит.

Иҟалап Қырҭтәыла ахада абри аҩыза ааԥхьара аныҟалҵоз агәра ганы дыҟазар Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра реиԥш Қырҭтәыла ауааԥсырагьы ргәы иахәаша акы лҳәеит ҳәа. 

Убри аан иџьоушьартә иҟоуп иарбан знеишьа ҷыдақәоу иԥшаатәны илбо, урҭ рынагӡара шеилылкаауа. Абри аганахь ала Қырҭтәыла ахада далаланы дымцәажәеит.

Иҟалап Қырҭтәыла ахада лгәаанагара аизааигәахара рацәак зыгәра умгаша апрограммақәа, «Шьаҿак ԥхьаҟа» аиԥш иҟақәоу инарыгӡар рылшоит ҳәа иҟазар. 

Аха иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьақәа иуеилдыркаауеит асеиԥштәи азнеишьақәа аус шырымуа.

Қырҭтәыла ииашаҵәҟьаны Аԥсны аганахьтәи аполитика аԥсахра шаҭаху аанарԥшуазар, азнеишьа ҿыцқәа апрактикаҿы ахархәара рыҭазар акәын, иаҳҳәап Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы.

Аха, арҭ амшқәа рзы Женева имҩаԥысуаз аиԥылараҿы Қырҭтәыла аҽазныкгьы иаанарԥшит аус аҿы ԥхьаҟацара ишазыҟаҵам, амч ахамырхәаразы Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мап ацәкуа.

Ари адокумент иунарбар алшон Қарҭ аиҭакрақәа ишырзыхиоу.
Хыхь зыӡбахә ҳәоу азхьаԥшра аҭо ақырҭуа ган ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иҟоу аполитикатә реалиқәа ирыцәхьамҵларц, амч ахамырхәаразы Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз аҭагылазаашьақәа аԥнаҵаларц.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: