Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
23 December 2020 624

Аинышәареи аграждантә еиҟарареи рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аминистр Теиа Ахвледиани ажәадгала ҟалҵеит «азеиԥш интересқәа азхьаԥшра рыҭаны аусеицуреи иформалым адиалоги рыплатформа ырҭбаазарц аԥсуеи, ауаԥси, ақырҭуеит уаԥшьқәа рыбжьара». Лара лажәақәа рыла Қырҭтәыла адиалог иацәхьамҵыц иуадаҩу коронавирустә пандемиа аамҭазы. Лара лгәаанагарала ари апроцесс иацҵахоит, еиҳагьы аҽарҭбаауеит.

Ақырҭуа чынуаҩ лажәақәа рыла Қырҭтәыла Аԥсны азнеишьа аҽеиҭанакуам.
Қарҭ Аԥсны уаԥшь ҳасаблеи «де-факто режимни» иахәаԥшуеит, «аоккупациа зызуу ҵакыраны» иабоит. 

Қарҭ адиалог аплатформа егьа идырҭбааргьы аконструктивтә ҟазшьа аиуам. Аԥсны ари аҩыза адиалог аидеиа ареализм иацәыхароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа алшар ҟалоит Қарҭ Аԥсны агааанахь алаарадикалтә курс аԥсахыр, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны амч ахамырхәаразы адокумент анапы аҵанаҩыр, ҳтәыла жәларбжьаратә ҭахкаара адҟанамҵалар. Абарҭқәа рышьҭахь ауп аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара аизыҟазаашьақәа аҭышәынтәаларахь амҩа анылырхуа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: