Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
26 June 2021 641

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министр И. Гарибашвили иҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр И. Гарибашвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсоциал-економикатә ҿиаразы астратегиа аус адыруылоит ҳәа. 

«Қырҭтәыла аиҳабыра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсоциал-економикатә ҿиаразы астратегиа аус адуылара азыԥхьагәаҳҭоит. Актәи аетап аан аус рыдуылахоит Гал араиони Ахалгортәи араиони ррегионқәа рсоциал-економикатә концепциа. Еиқәыршәахоит иааиԥмырҟьаӡакәа аграждантә уаажәларреи ҳареи ҳусеицура, аекспертцәа рконсультативтә хеилак ҷыда аҳәаақәа ирҭакны» ҳәа иҳәеит иара.

Гарибашвили иҳәамҭа асуверентә ҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа ахрылагаларак акәны ҳахәаԥшуеит. Аԥсны аҿиара астратегиа, ааигәа «аоккупациа аԥыхразы акомиссиа» аԥҵаразы аҳәамҭеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа иаҟәыгоуп, иарбанызаалак практикатә еффектк аманы иҟалом.

Қырҭтәыла амчрақәа рганахь ала ари хы змам аҽҟьарақәа шаҳаҭра руеит Қарҭ аганқәа рыбжьара иҟалар зылшо аилибакааратә мҩақәа рдырырц шырҭахым.

Ақырҭуа ган ареваншисттә знеишьа, Аԥсны аоккупациа зызуу ҵакыраны иахьахәаԥшуа мацара иунарбоит иахьатәи аиҳабыратә мчрақәа Аԥсны разыҟазаашьа. Иазыԥхьагәарҭарц иргәиҭоу агуманитартә проектқәеи аҿиаразы астратегиақәеи ирылацәажәо Қарҭ жәларбжьаратә еилазаара ала хнаҩарц аҭахуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра азыхиоуп еиваҟәало аизыҟазаашьақәа рылацәажәара, аха Қырҭтәыла автономтә регионк аҳасаб ала акәымкәаны.

Аԥсуа ган иагәҭакуп Қырҭтәыла аԥыза-министр Аԥсны аганахь ала иаԥшьгамҭақәа ирызкны азҵаара ақәыргылара изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: