Аҟәа Мраҭашәаратәи атәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара архынҳәразы ааԥхьара иҟарҵаз аҭак ҟанаҵеит

Аҟәа Мраҭашәаратәи атәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара архынҳәразы ааԥхьара иҟарҵаз аҭак ҟанаҵеит
5 August 2021 782

Нанҳәа 4 азы ООН Ашәарҭадаратә хеилак атәыла-лахәылақәа быжьба – ЕАА, Великобританиа, Франциа, Ирландиа, Норвегиа, Естониа, Албаниа 2008 шықәсазтәи нанҳәатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра аламҭалаз Мраҭашәаратәи атәылақәак аицҳәамҭа – Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иҟанаҵаз мап ацәнакырци Урыстәыла аамҭа мгакәа Аԥсны ар алнагарци ааԥхьара ҟарҵеит.

Угәы унамырхьыр залшом аҳәамҭа ҟазҵаз Мраҭашәаратәи атәылақәа абриаҟараамҭа иалагӡаны 2008 шықәсазы Аахыҵ Кавказ иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы имҩаԥысыз аиҭакрақәа шьҭахьҟа хнырҳәышьа шрымам ахьырзеилымкаауа. Иара убри аан ари аҭагылазаашьа иахьа араегион аҿы ишьақәгыланы иҟоу, усҟантәи Қырҭтәыла анапхгара равантиуратә курс иахҟьаз ареалии ҿыцқәа акала ирнырраны иҟам.

Урыстәыла иаднакылаз аӡбра Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы аиҭахәаԥшра залшом, аҳәынҭқарра азхаҵара Аԥсны ажәлар ирзин хадоу – амилаҭтә халахатәҳәаақәҵара аетапқәа ируакуп, Аԥсны Аҳәынҭқарратә суверинитет аиура аҭоурыхтә аиԥш аморал-зинтә шьаҭагьы аманы иҟоуп. Иазгәаҭатәуп ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рақәшаҳаҭра аҭахны ишыҟам.

Мраҭашәаратәи атәылақәа иҟоу аилибамкаарақәа рыӡбразы амҩақәа рыԥшаара ацынхәрас, Аԥсны аинтересқәагьы азазгәазҭаша аконструктивтә позициа ақәныҟәара ацынхәрас – уи Аԥсны ажәлар рҭахрақәа адунеитә еилазаара ишеилыркааз азы шаҳаҭра шауагьы «ҩ-стандартк рықәныҟәара апрактика» иқәныҟәоит.

Еилкаатәуп еснагьтәи адҵаҟаҵарақәеи ааԥхьарақәеи арегион аҿы 2008 шықәса раахыс иҟоу аҭагылазаашьа шырымԥсахуа, ишаҭаху иадеквату, аконструктивра злоу азнеишьа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: