Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Меркель Аԥсны аганахь ала лыгәҭынчымра

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Меркель Аԥсны аганахь ала  лыгәҭынчымра
21 April 2021 1102

Германиа аканцлер Ангела Меркель аҩаша, ПАСЕ асессиа алахәылацәа рахь лвидеоҳәамҭаҿ агәҭынчымра аалырԥшит Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым уҳәа Аԥсны назлоу егьырҭ адунеи арегионқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы.

"Европа анҭыҵтәи аҳәаақәа урыхәаԥшуазар иубарҭоуп иахьа адунеи зегь аҿы аҭынчра, ашәарҭадара, аизҳазыӷьара иахәҭаны ирыԥхьаӡоны ишыҟам. Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым, Приднестровье, Аахыҵ Уаԥстәыла, Шьамтәыла, Аԥсны, Ашьха Ҟарабах, Ливиа уҳәа рҿы аҭагылазаашьа агәҭынчымра аанарԥшуеит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы иаҳбарҭаны иҟоуп ауаҩытәыҩса изинқәа, акьыԥхь азинқәа ақәыӷәӷәара шрымоу» ҳәа лҳәеит Ангела Меркель.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы асеиԥш аҳәамҭа «ФРГ аканцлер адунеитә жандарым ироль нагӡо Украинеи Белоруссиеи реиԥш Мрагылара Ааигәеи Алада Кавкази рҟынгьы аиҿкаара лара ишылҭаху ишьақәгыларц» азы ауп изыҟаҵо ҳәа ахнаҳәаауеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы агәра ганы иҟоуп Германиа аканцлер лҳәамҭаҿ «ишәарҭоу аҭагылазаашьа» даналацәажәо усеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа амзыз даҩсуеит ҳәа.

Меркель Киев Донбасс аганахь иҟанаҵо апровокациақәа лымбоушәа ҟалҵоит. Германиа аканцлер ҽмырба ҟалҵоит ЕААи НАТОи Амшын еиқәаҿы активла рыҟазаара.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазгәаҳҭоит "Берлини егьырҭ европатәи аҳҭнықалақьқәеи Украина Мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу аибарххара аԥыхразы ауснагӡатәқәа рыдыркылар шахәҭоу».

Аха уи ацынхәрас европатәи аполитикцәа ишырҟазшьоу аиԥш цәажәароуп изҿу убри аан аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы иарбанызаалак акы аҟаҵара рҭахым. Асеиԥш ахымҩаԥгашьа уахькылнагаша атәы аҳәара уадаҩуп.

Агәра ганы ҳаҟоуп Украина Мрагыларатәи ахәҭаҿы аиԥш егьырҭ аимактә ҭыԥқәа рҿгьы уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәозар ауп аҭышәынтәалара аналшо ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: