Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
26 June 2020 781

Апарламент аҿы аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Георги Гахариа. Иара иааԥхьароуп ҳәа ахиҳәааит Қырҭтәылеи иара амилаҭтә шәарҭадареи рзы «Урыстәылатәи аоккупациа». Игәаанагарала атәыла аҿиара алзмыршогьы ури ауп. Уи адагьы Г. Гахариа «аоккупациа зызуу аҵакырақәа» рҟны аҭагылазаашьазы ахара здиҵо Урыстәылоуп. Иара ишиҳәо ала Урыстәыла уа ахылаԥшра ахахьы иагеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рхада иқәгылара аҽазныкгьы иаанарԥшуеит аполитико-пропагандатә хаҿы. Иара напхгара зиҭо аиҳабыра рықәҿиарақәа дрылацәажәо аԥыза-министр азхьаԥшра аимҭар имуит жәларбжьаратәи аполитикеи «адәныҟатә шәарҭареи». 2008 шықәса раахыс Қырҭтәыла шәарҭараны, аҿиара рызымҭо иашьо Урыстәылеи «Урыстәылатәи аоккупациеи» роуп. 

Иџьашьатәӡам амассатә хархәагақәа идырҳау-ҳаууа «урыстәылатәи ашәарҭара» Қырҭтәыла коронавирус аасҭагьы ишәарҭаны иахьашьо. Иара ахархәарала иалшоит атәыла аҿиараҿы иҟоу иарбанызаалак апроблемақәа хараны абри «ашәарҭара» адҵара.

Иалшоит ахатә гхақәа уи ахаҵара. Аиҳаракгьы уи ахархәара арҭоит адәныҟаполитикатә кризисқәа раамҭаан.

Атәылаҿ имҩаԥысуаа усқәа зегьы рзы аҭакԥхықәра адәныҟатәи амчрақәа рықәҵара акыр иманшәалоуп политикалагьы ихәарҭоуп. Қырҭтәыла иарбанызаалак аиҳабыра ари ариторика мап ацәанкраны иҟам. 

Урыстәыла оккупантк иҳасаб ала иаарԥшуа, Саакашвили иаамҭазтәи ариторика рхы иархәо, жәларбжьаратәи аилазаара Аԥсни аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәеи ԥаршеины рцәыргара еиҟароу ацивилизациатә диалог амҩа иахырҟьоит.

Аизыҟазаашьақәа рырҽеира алшоит Аԥсны иаҿагыло аинформациатә еибашьрие жәларбжьаратә аҭахкаара мап ацәкреи рыла мацара. Ус анакәымха ацәажәарақәа шбаша цәажәароу иаанхоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: