Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
2 June 2020 934

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ азхьаԥшра арҭеит асоциалтә ҳа «Твиттер» аҿы Великобританиа иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Т. Беручашвили ипровакациатә пост. Угәы кылызҵәо ақәыцаанда икылсуа ахәыҷы исахьа кьыԥхьын Ахәыҷқәа рыхьчара Амш азы. Иарала иадырбон Аԥсны, Гал араион аҿы ауааԥсыра адискриминациа шырзыруа.

Иумбарц залшом ари Аԥсны Аҳәынҭқарра ишалшо акала ареиқәаҵәараа политика ишаҵанакуа. Ахәыҷқәа рхыбаарала Ацҳаражәҳәаҩ иҽазишәеит атәылаҿ имҩаԥысуа апроцессқәа ишзалшо ала улаҿы имааиуа рыҟаҵара.

Иазгәаҭатәуп Аԥсны, Гал араион ауааԥсыра рхатәы бызшәа аиуразы азинқәа шрыҭоу иара убасгьы егьырҭ азинқәагьы шрыцәтәымым.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра изныкымкәа азхьаԥшра азнаухьеиттт Аԥсназы аинформациа ырԥаршеины анагара, аҳәаанырцәтә еилазаара ржьара ҟалом ҳәа. Ииашам аинформациа рыларҵәо Қырҭтәыла иааҟәымҵӡакәа Аԥсны адунеитә еилазаара иалкны аҟаҵара аҽазнашәоит. Агәҭынчымра аанарԥшуеит акыр шықәса Қырҭтәыла мраҭашәаратәи апартниорцәа абри аԥаршеи информациа шьаҭас иҟаҵаны иаракоуп ииашоу ҳәа ахьазырҳәо. Убри аан рыла иадырбар рҭахӡам Қырҭтәыла Аԥсны ауааԥсыра рганахь ала жәларбжьаратәи агуманитартә зин ахьеиланаго.

Қырҭтәыла аофициалтә хаҿқәеи урҭ рыдгылаҩцәеи ирзеилкаауам ари аҩыза аполитика аганқәа рыбжьара адиалог аҟалара ишаԥырхаго. 

Аԥсуа ган Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан иргәиҭоуп аофициалтә мчрақәа Аԥсны ахьӡ лазырҟәуа аԥаршеи информациа аларҵәара шиашам дырдырра.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: