Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәааҟаҵара

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәааҟаҵара
21 April 2020 856

Ааигәа коронавирус апандемиа иазкны имҩаԥысыз Қырҭтәыла аԥыза-министр Г. Гахариеи Европатәи акомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лиаени рвидеоконференциаан иалацәажәан «аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҟны аҭагылазаашьа уадаҩ». Қырҭтәыла аԥыза-министр иныҭкааны далацәажәеит арҭ аҵакырақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа.

Убри аан аҭагылазаашьа аполитика иадҳәаламкәа иаанымхеит. 

Адунеи зегь зыршьамхнышлаз коронавирус апандемиаҵәҟьагьы Қырҭтәыла аполитикатә спекулиациа иамаҭәарны иахәаԥшуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеитә уаажәларра рҿаԥхьа ахьӡ аларҟәра рҽазыршәоит.

Угәы унамырхьыр алшом Қырҭтәыла аиҳабыреи европатәи урҭ рыдгылаҩцәеи Аахыҵ Кавказ иҟоу иобиективу аполитикатә ҭагылазаашьа иаҿагыло ариторика рҳәамҭақәа рҿы ахархәара ахьарҭо. Иааҟәымҵӡакәа ахархәара арҭоит атермин «аоккупациа зызуу аҵакырақәа». Асеиԥш иҟоу апровокациатә политика Евроеидгыла акгьы ахьахырымҳәаауа угәы унамырхьыр ауам.

Иахәҭаны иҳаԥхьаӡоит Аԥсны аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарраны, Қырҭтәыла акала иадҳәалам тәылан ишыҟоу аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәаҳҭарц. Аԥсны аинтересқәа акала ирыдҳәало иарбанызаалак азҵаарақәа иара ахаҭарнакцәа аламкәа рылацәажәара исуверентәу аҳәынҭқарра аҩныҵҟатә усқәа ахрылагалара акәны ҳахәаԥшуеит.

Евроеидгыла ахаҭарнакцәа ииашаҵәҟьаны Аԥсны Аҳәынҭқарра ацхыраара аҭара рҭахны иҟазар, Аԥсни Евроеидгылеи ишиашоу реицәажәарала имҩаԥгахар алшоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: