Саломе Зурабишьвили лықәгылара ахҳәаа

Саломе Зурабишьвили лықәгылара ахҳәаа
5 March 2020 1300

Апарламент аҿаԥхьа есышықәсатәи анашьҭымҭа ҟаҵо Қырҭтәыла ахада лықәгылараан илҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла «акрызҵазкуа аҭынчратә шьаҿақәа ҟанаҵоит» ҳәа. Иара убасгьы Саломе Зурабишвили илҳәеит «аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рганахь ала акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟаҳҵахьеит, аха еиҳа инарҭбаау аполитика амҩаԥгара ҳҽазыҟаҳҵароуп» ҳәа.

Абри инадҳәаланы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыӡбахә шьҭызхыз Саломе Зурабишьвили Қырҭтәыла Апарламент аҿы лықәгылара ахҳәаа аҭатәны иҳаԥхьаӡоит. Зурабишьвили лажәақәа инарыдҳәаланы ихымԥаданы иазаҳшьоит Аԥсны «акрызҵазкуа аҭынчратә шьаҿақәа» ҳәа акгьы аӡбахә шырзымдыруа азгәаҭара. Ара зыӡбахә ҳәо «Еиӷьу уаҵәтәи амш ахь шьаҿак» акәзар, уи аизыҟазаашьа ҭышәынзыртәало агәреибагара аазырԥшуа программаны иузыԥхьаӡом.

Уи адагьы ҳақәшаҳаҭым Зурабишьвили лажәақәа Аахыҵ Кавказ аҿы Урыстәыла ароль азы.

Зурабишьвили ԥынгылак аиԥш дызхәаԥшуа Урыстәылатәи Афедерациа акәзар, Аԥсны иадгылаҩу, стратегиатә партниорны иазыҟоу ҳәынҭқарроуп. Ареспублика ашәарҭадаразы хәдықәҵара ҟанаҵоит. Абри аконтекст ала Москва адиалог азы аҭагылазаашьақәа еиқәнаршәоит, арегион аҟны аибарххарақәа арԥсыҽуеит.

Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог ашьақәыргыларазы хшыҩ зҵоу шьаҿаны иҟоу амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра аицнапаҵаҩра заҵәык ауп, Қырҭтәыла ахадагьы ааԥхьара лаҳҭоит иарбоу адокумент анапаҵаҩразы Аԥсны иҟанаҵо ажәадгалазы лпозициа дымшәа-дмырҳа илҳәарц.



Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: