Ажәабжь ҿыцқәа

12 December 2023 246 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит жәларбжьаратәии аԥсны-шьамтәылатә еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рылацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
<p style="text-align: justify;">      2023 шықәса ԥхынҷкәын 7 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа амурал «Урыстәыла-Венесуела: шәышықәсалатәи аиҩызара» аартра иазкыз ауснагӡатә далахәын. </p>
ԥхынҷкәын 5, 2023 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахада Николас Мадуро Мороси аиҳабыра Рфедералтә хеилаки реилатәара далахәхеит.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аус рыднауылеит Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ЕАР амаҵзурақәеи иареи реинырра азнеишьа ҿыцқәа.
Ԥхынҷкәын 5-6 рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 59-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәеи ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа алархәны.
Абҵара 30 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҟны аԥснытәи аделегациа ахада Иракли Ҭыжәба диԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.
29 November 2023 142 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Роналдо Монкада ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны АдәАР ахада Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари еиԥылеит Москва, Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Аганқәа аполитикеи, ахәҳаахәҭра-економикеи, агуманитартәи усхкқәа рҟны аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура иалацәажәеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: