Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра ахҳәаа
28 October 2017 1134
Жьҭаара 27 2017 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра реилатәараан Аԥыза-министр Георги Квирикашвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра гәҭакны ишрымоу аԥсуа бызшәа аҿиареи ахьчареи рзы апрограмма ҷыда аус адулара.

Ишдыру аиԥш 2007 шықәса рзы, Антверпен ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа Рконгресс аҟны аӡбра рыдыркылеит жьҭаара 27 аԥсуа бызшәа Иамшны иҟазарц азы. Иара азгәарҭалоит аԥсуа диаспора ахьынхо адунеи атәылақәа рҟны.

Ибзиан идыру акоуп Қырҭтәыла амчрақәа Аԥсни иара ажәлари рганахь ала имҩаԥырго рполитика апопулизм ҟазшьа шамоу. Ганкахьала дара ирылшо зегьы ҟарҵоит Аԥсны адунеижәларбжьаратә ҭахкаара аҭахарц азы, аҽаганкахь ала – аԥсуа бызшәеи аԥсуа культуреи реиқәырхара рҭахушәа рҽыҟарҵоит.

Абри инадҳәаланы Қырҭтәыла Аԥыза-министр игәалаҳаршәар ҳҭахын 1992 шықәса жьҭаара 22 рзы ақырҭуа ар рхаҭарнакцәа рнапаҿы иҟаз Аҟәа ақалақь аҟны амца рыцраҵаны ишырыблыз Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститути Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви рхыбрақәа.

Убри аан хнырҳәышьа рымамкәа иблын Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ртәы зҳәоз адокументқәеи аматериалқәеи. Ари иунарбоит ақырҭуа политикатә елита аханатәгьы рыҽшазыршәоз аԥсуа жәлар рҷыдара адунеи аныхра.

Абарҭқәа зегь рышьҭахь Қырҭтәыла аиҳабыра иахьа ирҳәо мцы ԥаршеины ишыҟоу мҩашьо иубарҭоуп.

Қырҭтәыла Аԥыза-министр иҳәамҭа ҳахәаԥшуеит аҽазныкгьы адунеи ауаажәларра ржьара иазырхоу актны. Аԥсҭазаара иаартны иунарбоит Қырҭтәыла имҩаԥнаго аполитика Аԥсни иара ажәлари рганахь ала агрессивтә ҟазшьа аманы ишыҟоу.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: