Ажәабжь ҿыцқәа

29 March 2024 1
2024 шықәса хәажәкыра 28 рзы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.
24 шықәса хәажәкыра 27 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь агубернатор Мухаммад Тарек Кришати Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммад Алии еиԥылеит.
2024 шықәса хәажәкыра 27 рзы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Моххаммад Алии Шьамтәыла Абанк хада аиҳабы Мохаммад Ессам Хазмехи реиԥылараан абанктә усхки ахәаахәҭра-економикатә еимдара аусхки рҟны аинырра иалацәажәеит.
26 March 2024 1 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Олег Боциев 70-шықәса ихыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит.
21 March 2024 34 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Тоиво Клаари, Џьихан Султаноглуи, Зигфрид Вебери дырԥылеит 2024 шықәса хәажәкыра 13 рзы.
Хәажәкыра 13 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
2024 шықәса хәажәкыра 12 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаАолимпиатә еилакы ахада, атәыла аспорттә Федерациа ахада Фирас Муалл диԥылеит.
Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аҭҵаарадырратәии акультуратәии усеицура аԥеиԥшқәа иара убасгьы астепендиақәа рыпрограммақәа ирылацәажәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республика Иреиҳаӡоу аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр, адоктор Басам Ибрагими реиԥылараан.
2024 шықәса хәажәкыра 12 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республика атранспорт аминистр Зухеир Хзеиеми еиԥылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: