Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
24 November 2022 315

Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.

Аԥсны адунеи аҟәыҭхареи аичырчареи ирызхоуп Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара Европарламент мап ахьыркыз ҳәа иашьоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Евроеидгыла Аԥсны адунеи аҟәыҭхаразы Қарҭ имҩаԥнаго аполитика иадгылоит. Ирыдыркылаз аԥкырақәа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Азеиԥш декларациеи атәылауаҩратәи аполитикатәи зинқәа рзы Жәларбжьаратәи апакти, ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аконвенциеи еиларгоит. Европарламент аӡбра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рхы иақәиҭны рныҟәара азин ԥнакуеит.

Агәҭынчымра ааҳарԥшуеит жәларбжьаратәи азин анормақәа реилагара аҭыԥ ахьамоу азы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: