Ажәабжь ҿыцқәа

3 May 2023 225
Жәларбжьаратәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ООН амаҵзурақәеи рыпроектқәеи рыпрограммақәеи рынагӡашьа ахылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра Аԥсны иҟоу ООН аҿиара апрограмма (ПРООН) аофис ахь ахада иԥыларазы азыҳәа ҟанаҵеит. Азыҳәа аҭакс аминистррахь ашәҟәы аашьҭын «аполитикатә ҩаӡарала аиԥылара акәымкәа иахәҭоу аинформациа аиуразы альтернативтә формақәа ԥшаазарц».
29 April 2023 234
2023 шықәса мшаԥы 29 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба далахәын онлаинла имҩаԥысыз Ахырхарҭарацәара иазку аглобалтә конференциа онлаин-формат ала.
2023 шықәса мшаԥы 26 азы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи аилахәыра TELESUR ахада Патрисиа Вильегаси реиԥылара.
6 April 2023 236
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа алахәын Женева 2023 шықәса мшаԥы 4-5 азы имҩаԥысуаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд. Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа рнаҩс иалахәын Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Еиду Америка
5 April 2023 203
2023 шықәса мшаԥы 4 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндреси онлаин еиԥылара рыман.
Хәажәкыра 29 азы Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит амшын Амш 144 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатә.
Урыстәыла, Москва, Кремль Азал ду аҟны азинмчнагӡеи аҷыдалкаамчреи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа 2023 шықәса мшаԥымза 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа рылацәажәаразы усутә визитла Москваҟа дцеит.
Хәажәкыра 30 азы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи реиԥылара. Аԥснытәи Аган ахь ала аиԥылара далахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
30 March 2023 201
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҭалареи амагистратуреи аспирантуреи рыпрограммақәа рыла аҵара аҵареи рзы аконкурстә лыԥшаара алахәхаразы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: