Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
9 August 2017 1061
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь усутә визитла иаара ақырҭуа напхгара агәҭынчымра рызнарҵысит.

Ақырҭуа политикцәа реиԥш дара Мраҭашәаратәи рпортниорцәа - США, ЕС, НАТО уҳәа егьырҭ аструктурақәагьы иҟарҵаз аҳәамҭақәа ирыхьмырԥшыкәа иуҳәар алшоит авизит аҳәынҭқаррабжьаратә ҩаӡара ҳаракны аманы имҩасит ҳәа, аԥсуа-аурыс стратегиатә усеицурагьы еиҳа-еиҳа аҿаиара аиуеит ҳәа.

США Ахада ихаҭыԥуаҩ Маик Пенс Қырҭтәыла иаҭаара Аахыҵ Кавказ зегьы ашәарҭара иҭазыргылар алшоз НАТО-и Қырҭтәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа раамҭа иақәшәазар, Владимир Путин Аԥсныҟа иаара аҭынчеиҿкаареи аԥҵаратәи ҟазшьа аман.

Қырҭтәыла анапхгара Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьақәа рбара мап ацәыркуазаргьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарран ишьақәгылоуп, ахалагьы ишьақәнаргылоит уаҵәтәи аԥеиԥш.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: