Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
21 January 2019 916
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Д.Залкалиани иҳәамҭа. Аҳәамҭаҿ аминистр Урыстәылахь ихы нарханы иҳәоит Егры аӡиас инаваршәны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аартызарц. Залкалиани иажәақәа рыла аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра ауаа рхы иақәиҭны рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра азин иаҿагылоит. Аамҭала аҳәынҭқарратә ҳәаа аркра мзызны иаиуз атәы аминистр алацәажәара ахәҭаны имԥхьаӡеит.
Агәаанагара уоур ауеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр итәылаҿ иҟоу-иану издырам ҳәа. Ишәгәалаҳаршәоит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистрра ирыланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишазгәаҭо аҵыхәтәантәи аамҭазы аимҳәа (H1N1 – «свиной грипп») авирус иахҟьаны 17-ҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа. Иахьатәи аамҭазы Қырҭтәыла абри аимҳәахк зауз рхыԥхьаӡара 100 000 нызқьҩык рҟынтәи 250-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Абри инадҳәаланы Аԥсны ауааԥсыра ршәарҭадара ахьчаразы ихымԥадахеит имҩаԥго ауснагӡатәқәа.  Абриоуп изыхҟьаз Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аамҭала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин аҟамҵаразы аӡбамҭа ахьаднакылазгьы.

Аха, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра алақәа хнаҩоит абарҭ афактқәа амбоушәа, убри аан  дара бзиа ирбо атема «Аԥсны атәылауаа рхы иақәиҭны аҳәаа рахысразы рзинқәа ԥдырҟәҟәаауеит» иазыхынҳәит. Аԥсны атәылауаа рзинқәа реилагара иалацәажәо Қырҭтәыла анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҭахкаара аҭаразы.

Қырҭтәыла анапхгара уажәшьҭа ирдырырц ахәҭоуп Аԥсны аганахь ала ҩ-стандарткны иҟоу аполитика лҵшәа шамам, иахәҭоуп иҟоу аҭагылазаашьақәа  реилкаареи рыдкылареи.
Асеиԥш иҟоу ашьаҿа Қарҭ иҟоу аполитикатә реалиқәа еилнакаауа ишалагаз аанарԥшуан, иахьатәи аамҭазы аҭахкааратә курс  иарбанызаалак хра аманы ишыҟамгьы   унарбон.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: