Украинатәи асанкциақәа ахҳәаа рнаҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра

Украинатәи асанкциақәа ахҳәаа рнаҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра
21 March 2019 1028
Хәажәкыра 20 рзы Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рмаҵзура асанкциақәа аланагалеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынбеи, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олег Аршбеи рганахьала.

Абри инадҳәаланы  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рмаҵзура Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынбеи, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олега Аршбеи рганахьала иаланагалаз асанкциақәа ахҳәаа рызнауит.

Киевтәи амчрақәа 2018 шықәса абҵара 11 рзы Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа азхарымҵозаргьы, имҩаԥырго асанкциақәа ҵаҵӷәы рымам . Убри аан урҭ алхрақәа Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирҿагылом.

Иумбарц залшом Украина лассы имҩаԥысраны иҟоу атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьаз агәҭынчымра шрыҵоу. Украина аполитикатә дивидендқәа аиурц, ареитинг еизнарҳарц аҽазышәара мҩаԥнагоит, убри аан Донбасс ауаажәлар ргәаанагареи урҭ рекономикатә ҭагылазаашьеи ирызхьаԥшуам.

Иазгәаҭатәуп, Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа ишрылахәыз 14 тәыла рҟынтәи 50-ҩык анаԥшыҩцәа. Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иазгәаҭан алхратә процесс аҟны еилагара ыҟамызт ҳәа азгәаҭоуп ахҳәааҿы.



Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: