Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аконсультациақәа рплан рнапы еицаҵарыҩуеит

Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аконсультациақәа рплан рнапы еицаҵарыҩуеит
29 May 2023 149

Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа аконсультациақәа рплан рнапы еицаҵарыҩуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.

Адокумент урыстәылатәи аган ақәшаҳаҭуп, иазԥхьагәанаҭоит аинформациа аусхк аҟны аусеицура, аҭҵаарадырра-практикатәи агуманитартәи уснагӡатәқәа реицымҩаԥгара аиҿкаара.

Сынтәа аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа рышықәснҵыра иубилеитәуп. Уи инамаданы Аҟәа ишьҭарҵараны иҟоуп аԥсуа-урыстәылатәи аиҩызара абаҟа азы ахаҳә, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи Аԥсны ААУ астудентцәеи реиԥыларақәа.

Уи адагьы Аԥсны аԥсуа-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирызку аиубилеитә ныҳәақәа раан ааԥхьара рыҭахоит Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лаврови Афедерациатә хеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенкои.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: