Инал Арӡынба ихҳәааҟаҵара

Инал Арӡынба ихҳәааҟаҵара
31 January 2023 282

Жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд ахырԥоуп Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәала.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ари зныкым иҩынтәым. Ацхантәаҩцәа ганкытә аӡбра рыдыркылоит, иарбанызаалак обиектив мзызк амырбакәан, аилацәажәаратә процесс алахәылацәа ирмазҵаакәан.

2022 шықәсазы иазыԥхьагәаҭаз ԥшь-еиԥыларак рҟынтәи имҩаԥысит акы заҵәык. Ҳазҭалаз ашықәс азгьы ари аҩыза аҭагылазаашьа аабоит.

Асеиԥш ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит.

2023 шықәса жәабран мзазы имҩаԥысраны иҟаз аиԥылара ахьаԥыххаз инадҳәаланы Аԥснытәи аган, жәабран 8-9 рзы Аԥсны аофициалтә хаҿқәа ирԥылараны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра ралаларазы мап рыцәкуп.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: