Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Китаи ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара Инал Арӡынба ахҳәаа аиҭеит

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Китаи ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара Инал Арӡынба ахҳәаа аиҭеит
8 December 2021 519

Урыстәылатәи Афедерациеи Китаитәи Жәлар Рреспубликеи рыбжьара еиҟароу апартнерреи астратегиатә еинырреи шьаҭаны иазыҟоуп ажәларқәа зегьы рзинқәа ҳаҭыр ахьрықәырҵо адунеитә еиҿкаара аԥҵаразы.

Китаитәи Жәлар Рреспублика адунеитә ҳәынҭқарра дуқәа иреиуоуп, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирлахәылоуп, аусура ҵаҵӷәны иамоуп еицазхарҵахьоу жәларбжьаратәи азинқәа, ахықәкқәа, ООН Аԥҟаԥҵәа апринципқәа. Китаи алшара дууп Мрагылара Ааигәа аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи, агуманитартәи аекономикатәи шәарҭадареи реиҿкааразы.

Китаитәи Жәлар Рреспублика Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикатә ҿиара ацхыраараҿы ароль ду амоуп Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсылмантә Республика Ирани инарываргыланы. 

2021 шықәса ԥхынҷкәын 6 азы Дамаск, КЖәР Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Китаитәи Жәлар Рреспублика азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиԥылара. Шьамтәылатәи Арабтә Республика ацхыраара аус аҿы мҩакы еицықәу ҳҳәынҭқаррақәа агуманитартә, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьаҵара нап аҳаркыр ҳалшоит.
ҳара ҳреигәырӷьоит аиашареи аҳаҭырқәҵареи ҵаҵӷәны измоу Китаитәи Жәлар Рреспублика адәныҟаполитикатә хықәкқәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: