Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи рраунд шымҩаԥысыз иалацәажәеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи рраунд шымҩаԥысыз иалацәажәеит
13 October 2021 894

54-тәи Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысит жьҭара 12-13 азы.

Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа: ООН, ЕС, ОБСЕ рхаҭарнакцәа.

Аԥснытәи аделегациа иалахәын: аделегациа ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Жәлар Реизара адепутатцәа Гиви Кәарҷиеи Асҭамур Логәуеи, Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәулиа, Анна Гамсаниаԥҳа.

Аилацәажәара уаанӡеиԥш иазҵаара хаданы иҟаз ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа роуп.

Ақырҭуа ган аҽазныкгьы мап ацәнакит амшхәаԥштә азҵаара хада – амч ахамырхәаразы аҭакԥхықәра мҩаԥызго адокумент анапаҵаҩра.

Аԥснытәи аделегациа аҽазныкгьы ацхантәаҩцәа азхьанарԥшит Қырҭтәыла абџьарла аҽырхиара ишаҿу, инаҵшьны иазгәанаҭеит арегион аҿы ари аибарххарахь икылнагар шауа.

Убри аан Аԥсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа азҳәан.

Адискуссиа алахәылацәа аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәарҭеит Гал ақалақь аҿы аус зуа аинцидентқәа рызхьаԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (МПРИ) аусура еиҭашаларгатәу.

Алахәылацәа еилацәажәеит анаҩстәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура амҩаԥысра шьаҭас иаиураны иҟоу адокумент азырхиатәуп ҳәа.

Аилацәажәара уаанӡеиԥш иазҵаара хаданы иҟаз ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа роуп.

Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥысраны иҟоуп 2021 шықәса ԥхынҷкәын 7-8 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: