Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
11 March 2020 966

Адунеи атәылақәа жәпак рыҟны акоронавирустә инфекциа (COVID-19) здырбало ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа иахьышьҭыҵыз инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари ачымазара ахьазгәаҭо атәылақәа рҭаара ԥыркырц.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иара убасгьы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба хәажәкыра 11 рзы инапы зҵеиҩыз иусдҵа инақәыршәаны Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа 2020 шықәса, хәажәкыра 14, асааҭ 20.00 инаркны ишаркхо Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵрази Аԥсны Аҳәынҭқарра алаларази. 

Аԥсны анҭыҵ иҟоу ҳтәылауаа рахь аҳәара ҟаҳҵоит Егры аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра арыцхә, аамҭа азхьаԥшра арҭарц ианаамҭо рыԥсадгьыл ахь ахынҳәразы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иара убасгьы аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа рахь абжьагара ҟанаҵоит аҳәаанырцә атәылақәа рахь аусутә ныҟәарақәа рымҩаԥгара рҽацәхьаркырц.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: