Ажәабжь ҿыцқәа

22 January 2024 184
1993 шықәса ажьырныҳәа 22 азы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Аԥсни Приднестровиеи рнапы зҵарҩыз Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра раԥхьатә ҳәынҭқаррабжьаратә еиқәышаҳаҭроуп. Иара иаанарԥшуан ареспубликақәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы рҽазышәарақәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 2024 шықәса ажьырныҳәа 20 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбо аҳәамҭа ҟаиҵеит.
18 January 2024 118 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Приднестровиа-Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба дидныҳәалеит.
25 December 2023 171 Анотақәа
70-ҩык зҭаз апассаџьыртә автобус ааҳәит Никарагуа, адепартамент Матагальпа амуниципалитет Мансера аҟны.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи реиҩызара Амш иазкыз адипломатиатә уснагӡатә далахәын.
20 December 2023 200 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ахантәаҩы Ҭемур Ахьиба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа Рымш идиныҳәалеит.
«Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә џьармыкьа - 2023» ԥхынҷкәынмза 16 рзы Дамаск ақалақь, асасааирҭа Dama Rose, аизарақәа рзал Аль-Мутанабби аҿы имҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Германиа аофициалтә хаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа есышықәса Берлин имҩаԥысуа Евразиатәи аилазаара иеиҿнакаауа Қьырсаныҳәатә хәылԥазы далахәын.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны аусура иалагараны иҟоу жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц актәи аҭыжьымҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Ахада Башар Асади рыбжьара ателехәаԥшратә еиҿцәажәара мҩаԥысит.
2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара мҩаԥысит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: