Заур Ӷәаџьаа Аугусто Сандино Кальдерон игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын

Заур Ӷәаџьаа Аугусто Сандино Кальдерон игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын
22 February 2022 560

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа амилаҭ-хақәиҭратә револиуциа аԥхьагыла Аугусто Сандино Кальдерон игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын. Ацеремониа мҩаԥысуан Аугусто Сандино ихьӡ зху ашҭаҿы, Каракас.

Венесуела аккредитациа зҭоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа рҿаԥхьа дықәгыланы ажәахә ҟарҵеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рандер Пениа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Иаоска Кальдерон.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Мишельи реиԥылара. Аиԥылараан аганқәа ргәаанагарақәа еимырдеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра ахырхарҭақәа рҟны аинтерес ззеицрымоу аусеицура аиҿкааразы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: