Заур Ӷәаџьаа Николос Мадуро имҩаԥигоз Жәларбжьаратәи авидеоконференциа далахәын

Заур Ӷәаџьаа Николос Мадуро имҩаԥигоз Жәларбжьаратәи авидеоконференциа далахәын
7 May 2020 883

Лаҵара 6 2020 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз ааԥхьарала ихы алаирхәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахада Николос Мадуро Морос имҩаԥигоз Жәларбжьаратәи авидеоконференциа.


Апресс-конференциа мҩаԥысуан адипломатиатә корпус, амилаҭтәи жәларбжьаратәи АИХқәа алархәны. Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахада Николос Мадуро Морос далацәажәеитЕиду аштатқәеи Колумбиеи Венеуела абарҭ амшқәа рзы имҩаԥыргарц ргәы иҭаз атеррористтә операциа.


Иара убасгьы далацәажәеит атәылаҿы Covid-19 апандемиа иаҿагыланы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы, атәыла аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: