Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
4 June 2021 818

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили Ҭырқәтәыла иҟазаараан «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реимак ҭынчымҩала аҭыԥ иқәҵатәуп Қырҭтәыла акзаара аҳәаа иҭагӡаны» ҳәа ииҳәаз оумашәа ибаны иазхьаԥшит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла ахада Аԥсни Қырҭтәылеи реимак ҭынчмҩала аҭышәныртәалара ада ԥсыхәа ыҟамкәа иахьишьо адгылара анаҭоит аха Ердоган ииашаҵәҟьаны арегион аҿы аконструктивтә роль анагӡара иҭахны дыҟазар иахьазы амиф ҟазшьа змоу Қырҭтәыла акзаараз аҳәамҭақәа ҟаимҵар акәын.

Аԥсны Амшынеиқәатә бассеин иаҵанакуа атәылақәа зегьы реимабзиара, реицусура хра аманы иаԥхьаӡоит. Иара убри аан иҟаҵәҟьоу ареалиқәа регионалтә политикцәақәак ирымбошәа аҟарҵоит, «Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара» ахархәарала аспекулиациа мҩаԥыргоит. Агәрагара ҳамоуп аҩаӡара ҳарак змоу аполитикцәа рықәгыларақәа раан иобиективу аҭагылазаашьа еиҭарымклароуп ҳәа.

Ааԥхьара ҟаҳҵоит аконструктивтә мчрақәа зегь рахь қырҭтәылатәи амчрақәа Аԥсны азыҟазаашьаан еиҟаралыра, иашарыла азнеишьа аадырԥшларц рабжьыргаларц.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: