Аԥсны ААР Приднестровие аҭагылазаашьазы аҳәамҭа

Аԥсны ААР Приднестровие аҭагылазаашьазы аҳәамҭа
27 April 2022 465

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра ду аанарԥшуеит Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика акәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы адиверсиатәии атеррористтәии жәыларақәа ирыхҟьаны ареспубликаҿ аҭагылазаашьа иаалырҟьаны иуадаҩхеит.

Асеиԥш аибарххара аҭыԥ аиуит украинатәи ачынуаа рганахь ала ақәмақаррақәа рыҟазаараан. Дара ирӡом Приднестровие иажәлар шалшо Молдова аимак аӡбраз иацхраарц. Абас ала украинатәи аофициал мчрақәеи молдавиатәи рколлегацәеи арегион аҿы абџьаршьҭыхрахь ииасыр зылшо аибарххаратә ҟазшьа аԥырҵоит.

Ахашҭра аҭахым Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ареспублика ашәарҭадара аиҿкааразы арратә мчылшара шамоу.

Уи адагьы Приднестровие игылоуп арегион аҿы аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьчара знапы иану урыстәылатәи ар Аоперативтә гәыԥ. Абри инадҳәаланы Украинеи Молдовеи рҟны асеиԥш иҟоу аӡбрақәа ирыцәхьаҵырц агәҽанҵара раҳҭоит, избанзар аҭагылазаашьа аԥшьгаҩцәа рзы иҽеимхар алшоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ажәлари анапхгареи адгылара рыҭо игәыӷуеит аиашьаратә республикаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәхап ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: