Аԥсны Адәныҟат́әи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла–НАТО аҽазыҟаҵарақәа рзы ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟат́әи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла–НАТО аҽазыҟаҵарақәа рзы ахҳәаа
8 September 2020 563

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО атәылақәа милаҭрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа рцикл "Достойный партнер 2020" (Noble Partner 2020) аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла адгьылҵакыраҿы имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа рганахь ала. Қырҭтәыла имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит акырнызқь аруаа, арратә техника хьанҭа, авиациа, ЕАА арра-мшынтә флот аӷбақәа.

Агәҭынчымра унаҭоит   Қырҭтәыла арратә мчрақәа роперативтә зыҟаҵара аизырҳареи планыркылатәи рмасштабқәа рыҭбаареи имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа рылшарала. Қырҭтәылатәи аруаа уи алшарала рдырра дырҭбаауеит, аибашьратә операциақәа рымҩаԥгараҿ аԥышәа роуеит. Асеиԥш лассы-лассытәи инарҭбаау арратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара апрактика Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашәарҭара иҭанаргылар алшоит, иҟоу жәларбжьаратәи аформатқәа рҽышәарақәа ҵнашәаар ауеит.

Агәаларшәара ахәҭоуп Мрагыларатәи атәылақәа харамԥшратәи рполитика Қырҭтәыла амилитаризациа ишацхраауа. Уи шьақәзырӷәӷәо акәны иҟоуп 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥнагаз арратә агрессиа.

Қырҭтәылеи иара Мрагыларатәи апартниорцәеи идеструктивтәиу рхымҩаԥгашьа иаҭакны аԥснытәи аган иагәҭакуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчареи ашәарҭадареи реиқәыршәаразы Урыстәылатәи Афедерациеи иареи рырра-техникатә усеицура арӷәӷәара амҩа анылара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылеи, Еидгыло аштатқәеи, егьырҭ НАТО атәыла-лахәылацәеи рхымҩаԥгашьа Аахыҵ Кавказ аҭагылазаашьа ашьақәҟьара иазырханы иахәаԥшуеит.

Иҟалар зылшо аибырххара аескалиациаан аҭакԥхықәра нагӡа зқәыло Қырҭтәылеи, Еиду аштатқәеи, НАТО атәылақәеи ракәхоит ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: