ААР: НАТО аҳаиртә баӷәаза Қырҭтәыла аҟазаара алмыршахароуп

ААР: НАТО  аҳаиртә баӷәаза Қырҭтәыла аҟазаара алмыршахароуп
15 November 2018 1033
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО и Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура еиҳа-еиҳа ахьаҽарӷәӷәо.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы агәрагара рымоуп ЕАШ арра-транспорттә ҳаирплан дуқәа рыдкылара зылшо арратә ҳаиртә баӷәаза Аахыҵ Кавказ аҟны НАТО иалагистикатә центрны ишыҟало азы.

Азхьаԥшра аҳҭоит Вашингтон имҩаԥнаго Қырҭтәыла амилитаризациа азура Аахыҵ Кавказ аибарххаратә ҭагылазаашьа шаԥнаҵо, арегион аҟны аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәыргыларазы иҟоу аҽазышәарақәагьы лҵшәаданатәыр шалшо.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра азнарҵысуеит АИХқәа рҿы ицәырҵуа иалагаз – Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Леван Изориеи ЕАШ арратә мчрақәа ртранспорт акомандаҟаҵаҩ, аинрал Стивен Лаионси Вазиани аҿы арратә ҳаиртә баӷәаза аргыларазы аинформациа.

Ари аԥшьгара шаҳаҭра ауеит Қырҭтәылеи НАТО аблоки рырратә еизыҟазаашьа аҽа хырхарҭак шаиуа.
Қырҭтәылеи НАТОи реизааигәахара уажәраанӡа зыӡбахә рҳәоз "Аԥсны ауааԥсыра рзы аҭынч аԥшьгарақәа" шбашажәоу унарбоит.

Еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы Қырҭтәыла аҭынчра иазку аԥшьгарақәа хықәкны ишамоу рыланаҳәон, аха убри аан мраҭашәаратәи аҩызцәа рыцхыраарала арратә лшарақәа реизырҳара ахықәкын. Абри зегьы иаанаго Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҭахкаара аҭароуп.

Аԥсуа ган жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит қырҭтәыла амилитаризациа апроцесс азхьаԥшра арҭарц, иахәҭоу ахәшьарагьы аиурц. Ус анакәымха аԥсуа ган Урыстәылатәи Афедерациеи иареи рырра-техникатә усеицура аҿиара аҭо Қарҭ ашьаҿақәа аҭак рыҭара алнаршоит.




Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: