Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аибарххара аҭыԥ ахьамоу ашьха-ҟарабахтә еимакы азонаҿы аҭагылазааша шыҿио гәцаракны ҳашьклаԥшуеит.
Ахымца аанкылара арежим аилагара иахҟьаны ермантәылатәии азербаиџьантәии аруаа рыбжьара аидысларақәа аҭыԥ рымоуп. Иҟоуп ааха зауз.
Аимак азонаҟны урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рыҟазаара иалҵшәаны хыԥхьаӡара рацәала ацәыӡқәа рыҟазаареи аганқәа рыбжьара аиҿагыларақәеи аԥырҟәҟәаауп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аимак аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ашәарҭадара еиқәырхазарц, аиҿагылара рҽацәырыхьчарц. Агәра ганы ҳаҟоуп иҟоу аилибамкаарақәеи аиҿагыларақәеи ҭынч мҩала, еилацәажәарыла рҭыԥ ақәҵара шалшо.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

3 August 2022 204