Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәыла иҟоу КЖәР ацҳаражәҳәаҩ иқәыӷәӷәара ахҳәаа анаҭоит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәыла иҟоу КЖәР ацҳаражәҳәаҩ иқәыӷәӷәара ахҳәаа анаҭоит
9 December 2021 665

Ԥхынҷкәын 6 азы Дамаск, Китаи Жәлар Рреспублика Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиԥылара. Аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит. Аганқәа рыҩбагьы иаадырԥшит еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы аизыҟазаашьа маншәалақәа рыбжьаҵара аинтерес шрымоу.

Аха абри аиԥылара ашьҭахь адырра ҳауит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа ган ақәыӷәӷәара изыҟанаҵоит ҳәа. Қырҭтәылатәи аган имҩаԥысыз аиԥылара аинформациатә материалқәа ралаҵәара агәамԥхара ду азаадырԥшит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу ҳәынҭқарроуп, ахатәы политика мҩаԥнагоит атәыла азакәан хада инақәыршәаны. Ҳофициалтә хаҭарнакцәа имҩаԥырго жәларбжьаратәи аиԥыларақәа рганахь ала ақырҭуа ган агәаанагара зхьаԥшра дук аҳҭом. Ақырҭуа дипломатцәа ирабжьаагоит жәларбжьаратәи аиныррақәеи жәларбжьаратәи азин анормақәеи рыԥҟаррақәа азгәарҭаларц.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: