Даур Ақаҩбеи Дмитри Медоеви 2021-2022 шықәсазтәи аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит

Даур Ақаҩбеи  Дмитри Медоеви  2021-2022 шықәсазтәи аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит
29 September 2020 644

Цәыббра 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи усутә визитла Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоевы реиԥылара.
Атәылақәа рыдәныҟаусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа алацәажәеит аԥсуа-аахыуаԥстәылатә актуалтә зҵаарақәа, ԥхьаҟатәи ҩ-ганктәи аусеицура аԥеиԥш.
Даур Ақаҩба Дмитри Медоев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны ажәлар рзы аныҳәамшқәа раан ара иҟазааразы.
Аиԥылараан аминистрцәа рнапы аҵарҩит Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара 2021 — 2022 шықәсқәа рызтәи аконсультациақәа Рыплан.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: